Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ашәуа аибашьра аветеранцәа хәшәыла реиқәыршәара иазкны

Sputnik
Агәабзиарахьчара аминистрраҟны иалацәажәеит хәшәла аиқәыршәара азҵаара. Аҭагылазаашьа аҭҵааразы хыџьара имҩаԥгаз анҭыҵтәи агәаҭарақәа иаадырԥшит аилагарақәа шыҟоу. Амедусҳәарҭақәа реиҳарак ирзоужьу алимит иахдырҳәҳәоит, уи инадҳәаланы аветеранцәа рзы адефицит аныҟало ыҟоуп. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа ари азҵаара иацу акәамаҵамақәа дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Имҩаԥаагоз агәаҭарақәа иаадырԥшит аилагарақәа рацәаны ишыҟоу. Ус еиԥш агәаҭарақәа 2022, 2023 шықәсқәа рзы имҩаԥган. Аизараҟны иҟан аполиклиникақәа зыдҳәалоу, дара ирыдҵан агхақәа дыриашарц. Агәабзиарахьчара аминистр аизара иалахәыз иреиҳәеит уажәшьҭа ари аҵыхәала ахԥатәи аизара шыҟамло, аус ҭызҵааша апрокуратура аума, егьырҭ аусҳәарҭақәа роума ишраҳәахо. Зегьы ишахәҭоу, ақьаад ишаҳәо (аԥҟарақәа рҟны ишарбоу - аред.) иҟазар, уадаҩра ыҟаӡам. Уи ақьаад иаҳәо уқәҵны уандәықәлалак, ҳфонд аҿы иҟоу 160 миллион мааҭ рҟынтәи 70 миллион ахәшә азы иушьҭыр, ауаа узыхәшәтәӡом. Ичмазаҩцәоуп зегьы, 70-ҩык инареиҳаны рыԥсҭазаара иалҵит шықәсык ала. Ахәшәқәа рыла аиқәыршәаразы афонд аҟны 48 миллион мааҭ арбоуп. Иаҳшәеит 71 миллион мааҭ. Ашықәс анынҵәалак ахәшәтәра ҳҭахуп, ахәшәқәа ҳмыхәаӡеит ҳәа иаауеит... Хышықәса абри ахәшә азҵааразы ада уадаҩра ҳамаӡам", - иҳәеит Ашәуа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шылшоит аудиофаил аҟны.