АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт, аиланхарҭа Прогресс аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы ааха аҭоуп арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50 Запорожтәи аобласт аҟны.
Урыстәылатәи Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, ЕАА иҭыжьу авиациатә бомба JDAM, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 16.
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы Киев 40-ҩык асолдаҭцәеи, ҩ-кәылӡмашьынаки, х-автомашьынаки, агаубица Д-30 ацәыӡит ҳәа, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы - 50-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, х-пикапк, ҩ-гаубицак "Мста-Б".
Донецктәи ахырхарҭала Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аибашьрақәа цоит. Авиациа жәынтә ажәҩан ахь ихалеит, артиллериа 63 хықәкы ааха рнаҭеит.
Иааидкыланы ара УАМ иацәыӡит 385-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30. Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы украинатәи аган иацәыӡит 70-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, 4 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б", Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 40-ҩык асолдаҭцәа, 3 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акациа".