https://sputnik-abkhazia.info/20230504/urystylati-ar-sumti-aoblast-any-aaanyshaara-eilayrkhkhaait--1045624785.html
Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит 
Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит 
Sputnik Аҧсны
Аоператив-тактикатә авиациеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 86 артиллериатә ҟәша еилаԥырххааит, 102 раион рҿы аруааи атехникеи ааха рырҭеит. 04.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-04T09:00+0300
2023-05-04T09:00+0300
2023-05-04T09:00+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/06/1045122905_0:308:2970:1979_1920x0_80_0_0_c09f99872971738329887e454a9d4bda.jpg
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт, аиланхарҭа Прогресс аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Иара убасгьы ааха аҭоуп арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50  Запорожтәи аобласт аҟны. Урыстәылатәи Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, ЕАА иҭыжьу авиациатә бомба JDAM, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 16. Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы Киев 40-ҩык асолдаҭцәеи, ҩ-кәылӡмашьынаки, х-автомашьынаки, агаубица Д-30 ацәыӡит ҳәа, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы -  50-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, х-пикапк, ҩ-гаубицак "Мста-Б". Донецктәи ахырхарҭала Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аибашьрақәа цоит.  Авиациа жәынтә ажәҩан ахь ихалеит, артиллериа 63 хықәкы ааха рнаҭеит. Иааидкыланы ара УАМ иацәыӡит 385-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30. Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы украинатәи аган иацәыӡит 70-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, 4 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б",  Херсонтәи ахырхарҭаҿы -  40-ҩык асолдаҭцәа, 3 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
https://sputnik-abkhazia.info/20230503/kiev-adrona-ryla-putin-kremlti-irezidentsia-azhlara-aazansheit-1045621467.html
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     2023
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
      https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/06/1045122905_229:0:2868:1979_1920x0_80_0_0_9563b31cdddae608a1e06bdb92a259d8.jpgSputnik Аҧсны
 media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
     ажәабжьқәа
Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит 
Аоператив-тактикатә авиациеи артиллериеи уахыки-ҽнаки рыла 86 артиллериатә ҟәша еилаԥырххааит, 102 раион рҿы аруааи атехникеи ааха рырҭеит. 
АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт, аиланхарҭа Прогресс аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. 
Иара убасгьы ааха аҭоуп арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50  Запорожтәи аобласт аҟны. 
Урыстәылатәи Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа, ЕАА иҭыжьу авиациатә бомба JDAM, аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 16. 
Аусбарҭа иаанацҳауеит Купиансктәи ахырхарҭаҿы Киев 40-ҩык асолдаҭцәеи, ҩ-кәылӡмашьынаки, х-автомашьынаки, агаубица Д-30 ацәыӡит ҳәа, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы -  50-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, х-пикапк, ҩ-гаубицак "Мста-Б". 
Донецктәи ахырхарҭала Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы аибашьрақәа цоит.  Авиациа жәынтә ажәҩан ахь ихалеит, артиллериа 63 хықәкы ааха рнаҭеит. 
Иааидкыланы ара УАМ иацәыӡит 385-ҩык аибашьцәа, танкк, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30. Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы украинатәи аган иацәыӡит 70-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, 4 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б",  Херсонтәи ахырхарҭаҿы -  40-ҩык асолдаҭцәа, 3 автомашьынак, агаубица "Гиацинт-Б", артиллериатә шьақәгыла "Акациа".