Аԥсны

Ҭаркьыл Аԥсны иҟоу Еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура ахылаԥшра аҵакы шамоу атәы иҳәеит

Адунеи аглобалтә ҭагылазаашьа аҽанаԥсахуа аамҭазы Аԥсны уаанӡеиԥш аасҭа жәларбжьаратәи аренаҟны аҭыԥ ылнахроуп, амилаҭтә интересқәа ирықәныҟәалароуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аҳәынҭқарра еиҳа активла аполитикатә процессқәа рымҩаԥысшьа анырра анаҭалароуп, Еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русурагьы абрахь иналаҵаны ҳәа азиԥхьаӡоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр жәларбжьаратәи аиҿкаақәа рнырразы иабжьгаҩ Мартин Ҭаркьыл. Астатиа кьыԥхьуп аусбарҭа асаит аҟны.

"Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа русура шымҩаԥыргац имҩаԥыргоит, уи аӡәгьы даԥырхагам, "русура аанкылатәуп" ҳәа (ҭыԥқәак рҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахара шахарарҵоз еиԥш) уаҩы иҳәом. Ари амшхәаԥштә азҵаараҿы иарбаӡам. Зҵаара хаданы иқәгылоу - иҟоу аҭышәныртәалара, ишьақәырӷәӷәоу апроектқәа уаанӡа иззеиқәшаҳаҭхахьоу апланқәа инарықәыршәаны рымҩаԥгароуп", - ҳәа иҩуеит иара.

Ҭаркьыл иҳәеит аиҿкаарақәа жәпакы русура Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь ахы шакыз. Усҟан атәыла ҭахкаан. Зҭагылазаашьа уашәшәыраз ауаа ацхыраара рыҭара усҟан еиԥш иахьагьы актуалра аҵоуп.
Иара иҳәеит ареспублика адунеи атәылақәеи иареи иарбанзаалак реимадара ҳаҭыр шазақәу, уи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыҩаӡарала акәзаргьы.
Аха раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра ахатәы милаҭтә интересқәа аԥыжәара анаҭозароуп, Қырҭтәыла иахьыԥшым аџьармыкьатә економика змоу адемократиатә ҳәынҭқарра аргылозароуп.
Аԥсны
ААР ахада: Аԥсны аус зуа ЖәЕА русура ашьклаԥшра иацҵахоит
Аҵакы аманы иҟоуп арҭ аиҿкаарақәа Аԥсны иаҩызам атәылақәа рнапаҿы имыруганы рыҟалара алмыршара. Аиҳаракгьы ари аҭагылазаашьа еилыкказароуп Урыстәыла арратә операциа ҷыда анымҩаԥнаго аамҭазы. Убри азы ареспублика ари адунеи аҿы иахатәу аҭыԥ ылнахроуп, иара астратегиатә партниор Донбасс иахьчо адоуҳатә беиарақәа адгылара рыҭо.