Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ААР ахада: Аԥсны аус зуа ЖәЕА русура ашьклаԥшра иацҵахоит

© Sputnik / Томас Тхайцук МИД Абхазии
МИД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.01.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада инапынҵала Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи ҳтәылаҿы аус зуа Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа русура агәаҭара иалагеит.
АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Аԥсны аус зуа ЖәЕА русура ашьклаԥшра иацҵахоит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
"Аԥсны ахада инапанҵала Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи, ҳтәылаҿы аус зуа Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи ЕАР амаҵзурақәеи русура агәаҭарақәа ирыцҵоуп. Иахьа имҩаԥысит урҭ аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа рԥылара. Дара русура ишашьклаԥшуаз азгәаҭаны, иуҳәар ауеит ииасыз ашықәс азы Аԥсны аҵакыраҿы имҩаԥыргоз апроектқәа рынагӡара акырӡа еилккан ҳәа", - азгәеиҭеит Арӡынба.
Инал Ардзинба встретился с представителями международных неправительственных организаций - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.01.2023
Аԥсны
Аԥсны ААР-и ЖәЕА ахаҭарнакцәеи аԥыжәара змоу апроектқәа рыла аус еицырулоит
Иара иажәақәа рыла, 2022 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Ашәарҭадаратә маҵзуреи иаадырԥшыз еиуеиԥшым аилагарақәа "ирышьашәалоу рҭак шыҟаҵаз".
Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада иазгәеиҭеит ԥхьаҟагьы абри ахырхарҭала русура шынарыгӡо, Қырҭтәыла аполитика аларҵәара иазырхоу апроектқәа ԥеиԥш шырмоуа.
Убри аан, гәыкалатәи ауааԥсыра рыцхраара иазырхоу апроектқәа аҳәынҭқарра аганахь ала адгылара роулоит.

“Адунеитә ԥышәа иунарбоит Жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа шракәу аиҳарак атәылаҿы аҭагылазаашьа еиҵазҟьо, амилаҭтә акзаара иаԥырхагоу атрадициатәи адоуҳатәи абеиарақәа "мраҭашәаратәи абеиарақәа" шырҿадыргыло", - иҳәеит аминистр.

Арӡынба иазгәеиҭеит, Мраҭашәаратәи атәылақәеи Жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәеи шракәу Аԥсны жәларбжьаратәи аренахь иназмышьҭуа. Убри азы Арӡынба иҳәеит Аԥсны аус зуа ЖәЕА русура ашьклаԥшра ишацҵахо.
Ажәабжьқәа зегьы
0