Аԥсны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара лаҵара 8 ԥсшьарамшны ирыланаҳәеит

Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Аԥсны аԥсшьарамшқәа ԥшьба ҟалоит - лаҵара 6 инаркны 9 рҟынӡа.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара лаҵара 8 даҽа ԥсшьарамшыкны ирыланаҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира Амш иазку аныҳәа аҽазыҟаҵареи амҩаԥгареи рзы.
Аусԥҟа инапы аҵаиҩит аԥыза-министр Александр Анқәаб.