Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донецктәи ахырхарҭаҿы Украина уахыки-ҽнаки рыла 300-ҩык аибашьцәа ацәыӡит

Ажәыларатә отриадқәа Донецктәи ахырхарҭа Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы ажәылара мҩаԥыргон, адесантникцәа – афлангқәа рҿы аӷа иаанкылараҿы ирыцхраауан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа донецктәи ахырхарҭаҿы Украина иацәыӡит 300-ҩык рҟынӡа аруааи қьырала еибашьуази, иара убасгьы иҭархоуп 9 акк атехника, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчаратә усбарҭа.
"Донецктәи жәлар рреспублика аиланхарҭақәа Краматорски Авдеевкеи рҟны иҭархоуп УАМ амеханизациа зызуу 54-тәии 110-тәии абригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба, 300-ҩык рҟынӡа аруааи қьырала еибашьуази, аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа, акәылӡтәы машьынақәа ԥшьба, аицҭырҟьаратә ракетатә система "Град", иара убасгьы иҭархоуп 9 акк атехника, артиллериатә шьақәгыла "Акация", – ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Иара убасгьы ДЖәР аиланхарҭа Часов Иар иахьаҵанакуа еилаԥыххаауп ацҳа, украинатәи ар Артиомовскҟа аџьаԥҳаны зланаргоз.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 14 карыжьит