Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла украинатәи адронқәа 14 карыжьит

© Sputnik / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота российских средств ПВО на Харьковском направлении
Работа российских средств ПВО на Харьковском направлении - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2023
Анапаҵаҩра
Арратә операциа ҷыда иалагазар иҭархоуп УАМ аԥырҩы дызмам ахархәагақәа 4 000.
АҞӘА, лаҵара 5 - Sputnik. Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахыки-ҽнаки рыла 14 украинатә дрон карыжьит аоперациа ҷыда ахьцо аҭыԥқәа –Запорожиатәи аобласт, ДЖәР, ЛЖәР рҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Иара убасгьы икажьуп аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS, "Ураган", "Смерч" рреактивтә хгәыцәқәа жәба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 103, 118 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи. Иқәыцҟьаауп 128-тәи ашьха-жәыларатә, 54-тәи амеханизациа зызуу абригада, УАМ аоперациа ҷыдақәа Рцентр "Юг" ркомандаҟаҵарҭақәа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, абылтәышьҭаҵарҭа.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 30 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", артиллериатә џьаԥҳаны ашьҭаҵарҭа, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы –70 еибашьҩы, атанк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба, агаубица "Мста-Б".
Донецктәи ахырхарҭаҿы рхы иақәиҭтәуп Артиомовск акварталқәа ҩба. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп 255 солдаҭ, ҩ-кәылӡмашьынак, ф-автомашьынак, ҩ-гаубицак Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", 54-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 30 еибашьҩы, ҩ-кәылӡмашьынак, х-автомашьынак, ҩ-гаубицак Д-30, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 35 солдаҭ, ф-автомашьынак, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", ҩ-гаубицак Д-30, "Мста-Б".
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.05.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Сумтәи аобласт аҟны аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа еилаԥырххааит
Ажәабжьқәа зегьы
0