Аԥсны

Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, атуреилахәыра иахатәу автобус "Мерседес" Аҟәа, сасааирҭак аҿаԥхьа игылан.
Автобус анымҵадырс ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа уи рыԥшааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
"Ацәгьа зуз ҳәа агәызҩара ззыҟаз зегьы анҭырҵаа, Аҟәа инхо, зықәра намӡац ҩыџьа ақәыԥшцәа Аԥсны ААР ахь иааган", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Иааныркылаз зықәра намӡац русқәа рзы аинспекторцәа адыԥхьаланы ирацәажәеит. Дара ируз азы рҿы рықәшаҳаҭхеит.
Урҭ зықәра намӡац рхылаԥшра рыҭаны иоушьҭуп. Ашьаус хацыркуп.