https://sputnik-abkhazia.info/20230505/ya-ayshtsa-aa-aturistt-avtobus-madyrsit-a-agyzara-youp-1045649902.html
Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп
Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп. 05.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-05T13:00+0300
2023-05-05T13:00+0300
2023-05-05T13:00+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102824/21/1028242102_0:52:1000:615_1920x0_80_0_0_422c227858d2561911e0588f31899fc2.jpg
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп.Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, атуреилахәыра иахатәу автобус "Мерседес" Аҟәа, сасааирҭак аҿаԥхьа игылан. Автобус анымҵадырс ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа уи рыԥшааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан. "Ацәгьа зуз ҳәа агәызҩара ззыҟаз зегьы анҭырҵаа, Аҟәа инхо, зықәра намӡац ҩыџьа ақәыԥшцәа Аԥсны ААР ахь иааган", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы. Иааныркылаз зықәра намӡац русқәа рзы аинспекторцәа адыԥхьаланы ирацәажәеит. Дара ируз азы рҿы рықәшаҳаҭхеит. Урҭ зықәра намӡац рхылаԥшра рыҭаны иоушьҭуп. Ашьаус хацыркуп.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102824/21/1028242102_56:0:945:667_1920x0_80_0_0_ba3ad55f0f15573479256f3961bd8fc9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik. Ҩыџьа ақәыԥшцәа Аҟәа атуристтә автобус мҵадырсит ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Аԥсны ААР апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, атуреилахәыра иахатәу автобус "Мерседес" Аҟәа, сасааирҭак аҿаԥхьа игылан.
Автобус анымҵадырс ашьҭахь азинхьчаратә усбарҭақәа уи рыԥшааит Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан.
"Ацәгьа зуз ҳәа агәызҩара ззыҟаз зегьы анҭырҵаа, Аҟәа инхо, зықәра намӡац ҩыџьа ақәыԥшцәа Аԥсны ААР ахь иааган", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Иааныркылаз зықәра намӡац русқәа рзы аинспекторцәа адыԥхьаланы ирацәажәеит. Дара ируз азы рҿы рықәшаҳаҭхеит.
Урҭ зықәра намӡац рхылаԥшра рыҭаны иоушьҭуп. Ашьаус хацыркуп.