Аԥсны

"Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит

Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥыргоит Урыстәылазегьтәи жәлар рфронт.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿыгоу "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа иааргеит.
Амца зҭоу акәаҷаб Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеи аԥхьа аҟарул инаганы иддыркит.
Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха зҭоу акәаҷабқәа Аԥсны араионқәа рхадацәа ирыҭан.
Жәларбжьаратәи акциа "Агәалашәара амца" Аԥсны еиҿыркааит Россотрудничество ахаҭарнакреи Ахьӡ-Аԥша амузеии Аԥсны ахада Иусбарҭеи, Атәылахьчара аминистрреи, Урыстәылатәи ацҳаражәҳәарҭеи рыдгаларала.
Лаҵара 6-9 рзы амца зҭоу акәаҷабқәа 13 тәыла рахь инагахоит.