Аԥсны

Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы абаҟа аартхоит Измиҭ

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Амҳаџьырқәа ргәалашәаразы абаҟа аартхоит Измиҭ, лаҵара 21 азы- Кавказ аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш аҽны. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Ибрагим Аҩӡба.
"Абаҟа хиоуп, уи аартхоит лаҵара 21 азы. Иахәҭоу аиҿцәажәарақәа зегьы ыҟоуп", - иҳәеит Аҩӡба.
Абаҟа аартрахь ааԥхьара рыҭахоит Жәлар Реизара ахаҭарнакцәеи Аминистрцәа реилазаара алахәылацәеи.
Аҩӡба иажәақәа рыла, Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакраҟны агәалашәаратә уснагӡатәқәа аҿкааразы аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп.
Лаҵара 21 1864 шықәсазы Кавказтәи аибашьра хыркәшахеит. Иара иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рыԥсадгьыл ааныжьны Османтәи аимпериахь ииасит, нас уантәи адунеи егьырҭ атәылақәа рахь инанагеит.
Аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа 50 тәыла рҟны инхоит. Хыԥхьаӡара рацәала аԥсуа диаспора Ҭырқәтәыла инхоит.
Арадио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит амҳаџьырра иагаз ргәалашәара амш аҽны Қьефқьен иаартхо абаҟа атәы