АҞӘА, лаҵара 6- Sputnik. Жәлар рырҿиамҭақәеи рнапҟазареи рџьармыкьа мҩаԥгахоит Гиви Смыр ихьӡ зху акультуратә центр аҟны лаҵара 7-9 рзы.
Ауснагӡатә мҩаԥгахоит Леон иордени "Ахьӡ-Аԥша" II аҩаӡара аордени занашьоу аскульптор, асахьаҭыхҩы, Афонҿыцтәи аҳаԥы раԥхьаӡа иаазыртыз Гиви Смыр имшира инадҳәаланы.
"Арҭ амшқәа рзы 70-ҩык инреиҳаны Аԥсни Урыстәылеи рнапҟазацәа русумҭақәа цәырыргоит, уи -ажьицәа, абџьарҟаҵаҩцәа, асахҭанлых знапы алаку аҟазацәа, аҟәџьалҟаҵаҩцәа, асҩцәа. Ҳара ҳзы ихадоу акоуп- аҭыԥантәи аҟазацәа рыда аҳәаанырцәынтәигьы иалахәзарц, уи аԥышәеимдаразы ицхыраагӡоуп", - лҳәеит Гиви Смыр иԥшәмаԥҳәыс Жаклин Чачибаиаԥҳа.
Чачибаиаԥҳа лажәақәа рыла, афестиваль иара убас иалоуп акультуратә уснагӡатәқәа: ахәыҷқәа рсахьақәа рцәыргақәҵа, акәашаратә ансамбльқәеи аҳәаанырцәтәи ашәаҳәаҩцәеи амузыкантцәеи рықәгыларақәа.
Иара убас имҩаԥыргоит урыстәылатәи арежиссиор Мариа Романова лнапхгарала апоезиатә ԥхьарақәа, аԥаразы амастер-классқәа, акакаҷссақәа рыла аԥара, аӡахәамаҵәқәа рыла аԥара, асахьанҵара, арапара, ашәырақәа рыҟаҵара.
Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәса рзы Афон ҿыц ақалақь аҿы. 1961 шықәса рзы, 16 шықәса данырҭагылаз иара ихала "Аҵа змам аҭаҳара" ҳәа изышьҭаз акылҳара ду дҭаланы шахала длыбааит. Убас иаартын адунеи аҟны реиҳа идуу аҳаԥқәа рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ аанызкыло Афонҿыцтәи аҳаԥы.
Гиви Смыр иԥсҭазаара далҵит абҵара 18 2016 шықәса рзы.