Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылаҟа иргьежьуп итҟәаз х-ҩык аԥырҩцәа

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik. Урыстәылаҟа иргьежьуп атҟәара иақәшәаз х-ҩык аԥырҩцәа, дара ҽыхәшәтәра идәықәҵахоит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Лаҵара 6 рзы иуадаҩыз аиҿцәажәарақәа рнаҩс, киевтәи арежим аҟынтәи рхы иақәиҭыртәит атҟәара иақәшәаз урыстәылатәи х-ҩык аԥырҩцәа, дара рыԥсҭазаара ашәарҭара иҭагылан", - рҳәеит аминистрраҟны.

Зхы иақәиҭу аԥырҩцәа амедицинатәи апсихологиатәи цхыраара рырҭоит ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.