Аԥсны

Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион аҟны аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәараҟны ирзааҭгылеит араион аинвестициақәа адԥхьалареи уи економикала аизырҳареи ирызкыз азҵаарақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион ахадараҿ аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәараҟны ирзааҭгылеит араион аҿиара иазкыз азҵаарақәа, иара убас Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраарала аинвестициатә программа анагӡара. Араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла аекономика зырҿио акәны иҟоуп аинвестициақәа, уи иабзоураны иаартхар алшоит анаплак ҿыцқәа.
Иара убасгьы, Аслан Бжьаниа ихадоу акәны иаликааит аинвестициақәа ралагалара, анапынҵагьы риҭеит уи ахырхарҭала рус дырӷәӷәарц.
Атәыла ахада изеиҭырҳәеит Тҟәарчал араионтә џьармыкьа аиҭашьақәыргылареи аҩнеихагылақәа рхыбқәа рыԥсахреи рзы аусурақәа ахьынӡанаргахьоу.