АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Аԥсны ахадеи ажәлари Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп акырзҵазкуа ари амш аибашьра адәы аҟни атыли рыҟны хацәнамырха зыԥсадгьыл анацист мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи изхьчаз ргәалашәара ишазку.
"Иахьа ҳара иаҳуалуп, ҳаиҷаҳан ахьчара ҳабацәеи ҳабдуцәеи традициала иҳарҭаз аиҩызареи аицхыраареи, иалҳмаршароуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аицакра", - ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалара аҟны.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, Аиааира Ду адоуҳатә ҭынха ԥыхьатәи асовет еидгыла атәылақәеи ажәларқәеи аԥхьаҟагьы реизыҟазаашьақәа аҿиара ишацхраауа, аветеранцәеи атыл аҟны аус зуази ҭабуп ҳәа раҳәо ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, аманшәалара, ашықәс рацәа.