Аԥсны

Аҟәа "Агәалашәара амца" адыркит

Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿгоу "Агәалашәара амца" Аԥсныҟа ҳаирпланла иааган.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аҟәа, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәа аҟны игылоу Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа "Агәалашәара амца" адаркит.
Лаҵара 6 рзы, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аҳаҭыртә ҟарул Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аҳаҭыртә ҟарул ирырҭеит Кремль аҭыӡқәа рганаҿы иарку Иҿымцәаауа амца иаҿгоу "Агәалашәара амца".
Иҿымцәаауа амца аҟәырҷаха зҭоу акәаҷабқәа Аԥсны араионқәа рхадацәа ирыҭан.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит