Аԥсны

Аҟәа арратә парад мҩаԥысит

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 – Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра иазку апарад мҩаԥысит Аҟәа Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.
Аусмҩаԥгатә иалахәын 600-ҩык инареиҳаны аррамаҵзурауаа.
Арратә парад иалахәын Аԥсны Атәылахьчара аминистрра аруаа, Аҳәаахьчаратә маҵзура рыруаа, АҶА, ААР Иреиҳаӡоу амилициа ашкол, Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура, Аԥсны иҟоу Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу 7-тәи арратә базеи, Аԥсны иҟоу УАМ аҳәаахьчаратә усбарҭеи.
Аԥсны
Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит