Аԥсны

Аҟәа иалагеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара "Сабду Аиааираз иҭабуп"

Амаланыҟәатә еиԥхныҩлара аиҿкааҩцәа - Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакреи Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аԥша амузеии.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра иазкны Аҟәа иалагеит амаланыҟәатә еиԥхныҩлара "Сабду Аиааираз иҭабуп".
Амаланыҟәатә еиԥхныҩлара иалахәу дәықәлеит Москва Аҩны аҟнытәи, рымҩа хоуп Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳабла аҟынӡа.
"Агәыӡера идырым асолдат ибаҟа ахьгылоу аҟынӡа ҳцоит, Смецкои исанаториа амедицинатә ԥсыжырҭа ахьыҟоу, аибашьра ашықәсқәа раан араҟа агоспиталь ыҟан. Уаантәи ҳашьҭахьҟа ҳгьежьны Гәылрыԥшь араион аусбарҭа аҿаԥхьа иҟоу Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рыхьӡала игылоу абаҟа ҳаҭаауеит", - иҳәеит Россатрудничество ахаҭарнак Евгени Павлов.
Амаланыҟәатә еиԥхныҩлара алахәылацәа Агәыӡера аҳаблан инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Екатерин Синиавскаиа дахьынхо лыҩны аҿаԥхьа ииасуеит.
20-ҩык злахәу амаланыҟәатә еиԥхныҩлара хыркәшахоит Аҟәа аԥшаҳәаҟны игылоу Идырым асолдаҭ иҿаԥхьа.