Аԥсны

Аиааира Ду амш инамаданы Дәрыԥшь имҩаԥгаз аҽыхәмаррақәа реицлабра аихшьаалақәа ҟаҵоуп

Дәрыԥшь аҽырҩырҭаҟны имҩаԥгаз аҽтәы спортхәмаррақәа азкын Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 78 шықәса ахыҵра.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik, Бадри Есиава. Дәрыԥшь ақыҭа имҩаԥысуаз аҽтәы спортхәмаррақәа рзеиԥшкомандатә зшьа аихшьаалақәа рыла актәи аҭыԥ ааныркылеит Лыхны ақыҭа аҽыбӷаҟазацәа ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аицлабрақәа рыӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Иара иазгәеиҭеит, аҩбатәи аҭыԥ шааныркылаз Жәандәрыԥшь ақыҭа аҽыҩҷкәынцәа, ахԥатәи аҭыԥ Дәрыԥшьаа. Аихшьаалатә лҵшәақәа алыркаауан акомандақәа амилаҭтә хәмаррақәа - ҽыла ампыласра, аҵәеигәыдҵа, аҽырхәмарра, аҳәаҟьара рыҟны ироуз абаллқәа реицҵарала.
Аҽтәы спорт азы Аԥсни Қырҭтәылатәи ССР-и акырынтә иачемпионхахьаз Шулиа Лакрба игәалашәараз аҽырхәмарраҟны "аџьаз" храҿа игеит Дәрыԥшьтәи аҽыбӷаҟаза Астан Лакербаиа, "араӡны" - Џьырхәатәи аҽыҩҷкәын Асҭан Бебиа, "ахьы" ҩы-шықәса раахыс иоуеит Беслан Чалмаз.
Еиуеиԥшым абжьаӡараҟны аҽқәа еиԥхныҩон, араҟа Гәдоуҭа араион анаҩсгьы егьырҭ араионқәа рҟынтәи аҽыбӷаҟазацәагь алшара рыман аҽалархәра. Аҽырыҩра алҵшәақәа аицлабра аиҿкааҩцәа ирыларҳәоит ахаша, лаҵара 10 рзы.
Дәрыԥшь ақыҭан есышықәса имҩаԥысуа аҽыхәмаррақәа сынтәа иалахәын ф-командак - Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Дәрыԥшь Жәандәрыԥшь, Џьырхәа.