АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Аиҳабыра рлахәылацәа ареспубликаҿы инхо Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа 20-ҩык Аиааира Ду амш рыдырныҳәалеит.
Аминистрцәа реилазаара апресс-маҵзура адыррала, аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа аветеранцәа ашәҭқәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи, зныктәи аԥарашәарақәа 50 нызқьмааҭи рырҭеит.
Иара убас, аҳҭнықалақь аусбарҭа ахаҭарнакцәа аибашьра аветеранцәа ирыдырныҳәалеит. Ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе иажәақәа рыла, Беслан Ешбеи иареи Аҟәа инхо 15-ҩык аветеранцәа ирҭааны ирыдырныҳәалеит.
Сурманиӡе иҳәеит, ақалақь ахадара ахьӡала 15-ҩык аибашьра аветеранцәа 20-20 нызқьмааҭ шырзыршәаз, урҭ ираҟаратәны ирыԥхьаӡо - 10-10 нызықь мааҭ.
Аҟәеи Гәылрыԥшьи инхо аибашьра афырхацәа ирыдырныҳәалеит Атәылахьчара аминистрра аилазаара анапхгареи арратә аоркестри. Аусбарҭа ахьӡала иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.
Аибашьра ду иалахәын 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи, урҭ рҟынтәи 17 430-ҩык рышьҭахьҟа изыхнымҳәит.
22-ҩы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Ахьӡ-аԥша аорден ах-ҩаӡарак ранашьоуп.