Аԥсны

Бжьаниа Аԥсны жәлар Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 9 - Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлари аветеранцәеи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит.
"Аиааира 78 шықәса ахыҵра азгәаҭо, иаҳгәалаҳаршәоит ишьашуаз анацизм аидеологиа нагӡо ажәларқәа рнырҵәара анымҩаԥысуаз, Асовет Еидгыла ажәларқәа реидгыларала, рфырхаҵарала, адунеитә гыгшәыгра иаҿагыланы хацәнмырха ақәԥарала ишьаарҵәыраз адунеитә еибашьра аҵыхәтәа шыԥҵәаз", - ҳәа аҳәоит адыҳәалараҟны.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит, аибашьра ишалахәыз 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи.
Иҳәеит, иахьа аизыҟазаашьақәа реиқәырхараз, атәыла аҩнуҵаҟа зегь аӡәыкны ҳаҟазар шакәу.
"Аидгылареи ҳаҭырқәҵарылеи, Аиааира Ду агәаларшәара аиқәырхаралеи ҳара иҳалшоит акыр абиԥарақәа рыгәҭакы анагӡара, аҭынч ԥсҭазаара аиқәырхара, ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы иҭышәынтәалоу аҳәынҭқарра ашьақәыргылара", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны
Владимир Путин Аԥсны ахадеи ажәлари Аиааира Ду амш рыдиныҳәалеит