АҞӘА, лаҵара 12 – Sputnik. Урыстәыла АМ Соледартәи ахырхарҭаҟны украинатәи аруаа ржәылара аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
"УАМ архәҭақәа 26 жәылара амҩаԥгара аҽазнашәеит, зықьҩык рҟынӡа аруаа адыԥхьалан, 40 танки егьырҭ аибашьыгатә техникеи ахархәара рыҭан. УАМ ажәыларақәа зегьы аԥырҟәҟәаауп", - азгәаҭоуп адырраҭараҟны.
Малоильиновск ахырхарҭаҟны Берхов аӡеизакырҭа ацәаҳәа аанкылан, украинатәи аруаа 540-ҩык ҭархан, атанкқәа ааба, аибашьыгатә техника 20 ак.
Артиомовск араирн аҟны уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи авиациа жәынтә ажәҩан ихылеит, 64 усдҵа нанагӡеит.
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 900-ҩык асолдаҭцәа, УАМ амеханизациа зызуу 110-тәи абригада артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа, иҭархан аибашьыгатә машьынақәа 30 ак, амашьынақәа быжьба, агаубицақәа Д-30, гаубицак L-118.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархан 60-ҩык аруаа, акәылӡымашьынак, ҩ-машьынак, РСЗО "Град" ҩба, артиллериатә шьақәгыла М109 "Paladin", ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Акациа". Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 75 солдаҭ, х-кәылӡмашьынак, апикапқәа хԥа, агаубица Д-20, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҟны уахыки-ҽнаки рыла Киев иацәыӡит 110-ҩык, танкк, автомашьынақәа ҩба, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика". Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 40 солдаҭ, автомашьынақәа хԥа, ахаланыҟәагатә артиллериатә шьақәгыла "Акациа".
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 72, 102 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи, аконтрбатареиатә жәылара арадиолокациатә станциа AN/TPQ-36.