Урыстәыла

Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи Су-25 Херсонтәи аобласт аҿы икарыжьит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛетно-тактические учения на военном аэродроме "Черниговка" в Приморском крае
Летно-тактические учения на военном аэродроме Черниговка в Приморском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2023
Анапаҵаҩра
Уи адагьы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп аицҭырҟьаратә системақәа HIMARS рреактивтә хгәыцәқәа 12, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 12.
АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳауаҿагыларатә мчқәа украинатәи Су-25 Херсонтәи аобласт аиланхарҭа Червоныи Маиак аҵакыраҿы икарыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 96, 123 раион рҿы – аруааи атехникеи. Купиансктәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаан адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ржәыларақәа.
Зынӡа уахык ала Киев ари ахырхарҭаҿы иацәыӡит 1250-ҩык асолдаҭцәа, автомашьынақәа 4, артиллериатә шьақәгыла "Акациа", УАМ амеханизациа зызуу 67-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит 65-ҩык украинатәи аибашьҩцәа, акәылӡмашьынақәа ҩба, агаубицақәа Д-20, Д-30.
Донецктәи ахырхарҭаҿы ажәыларатә отриадқәа еибашьуеит Артиомовск мраҭашәаратәи ахәҭаҿы. Урыстәылатәи авиациа ари араион аҿы жәынтәы ажәҩан ихылеит, артиллериа 95 усдҵа нанагӡеит. Абри ахырхарҭаҟны уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 230-ҩык асолдаҭцәа, автомашьынақәа фба, агаубица Д-30, арадиолокациатә станциа AN/TPQ-50, УАМ амеханизациа зызуу 54-тәи абригада артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иҭархоуп 110 украинатә еибашьҩы, автомашьынақәа быжьба, аҵакыратә бригада 102 аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 20 еибашьҩы, х-автомашьынак, артиллериатә система М777, агаубица "Мста-Б", артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", 124-тәи аҵакырахьчаратә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла 240-ҩык аибашьцәа ацәыӡит
Ажәабжьқәа зегьы
0