АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи Венесуела ААР-и алаҭын-америкатә республикаҟны русеицуразы аплан азырхиоуп.
Жәларбжьаратәи аҭагылазаашьеи атәылақәа русеицуреи ирылацәажәеит Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Европатәи аусқәа рзы адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Франклин Рамиреси.
Венесуела Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәсазы. Венесуела ахԥатәи тәылахеит ҳхьыԥшымра азхазҵаз, Урыстәылеи Никарагуеи раамышьҭахь.