Аԥсны

Туркменистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы даанкылоуп

Иаанкылоу иганахьала закәаншьаҭада мҽхакыҭбаала анаркотикқәа раахәареи, рыҵәахреи, рныҟәгареи рзы ахәҭаҷ инақәыршәаны ашьаус хацыркуп.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik. Аԥсны ААР Гагратәи аҟәша аусзуҩцәа Туркменистан атәылауаҩ анаркотикқәа раларҵәаразы дааныркалеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
23 шықәса зхыҵуа Умитџьан Нуралиев идбалан аметадон згәылаз 18 еилаҳәыра. Имҩаԥгаз аоперативтә уснагӡатәқәа ишьақәдырӷәӷәеит, иара амаӡаҵәахырҭақәа рыла анаркотикқәа шалаирҵәоз.
Иаанкылоу далархәны аҵәахырҭа ҭыԥқәа аарԥшын -Ольденбургтәи апарк аҟны, Шаԥсыӷаа, Гәымсҭатәи, Дбар, Лермонтов амҩақәа рҟны. Зынӡа иаарԥшын 22 еилаҳәыра. Иааидкыланы имху анаркотикқәа- 15 грамм иҟоуп.