Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы имаҵзура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп

Асабша, лаҵара 13 рзы амҩан иҟалаз амашәыр аҟны иҭахеит 25 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуаз хәҩык ауааԥсыра. Амашьына арныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан абетон аанда дасит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба атәыла Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы Родик Базба имаҵзура аҟынтәи ихы дақәиҭитәит лаҵара 13 рзы аԥсҭбарақәа зцны амҩан иҟалаз амашәыр инамаданы. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Иара убас, рмаҵзурақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәуп ҩыџьа ихаҭыԥуаа - Рауль Ҳагбеи Алхас Еныкьи, Гәдоуҭатәи араионтә ААИ аиҳабы Инал Агрбеи.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭа араионтә ҟәша аиҳабы Зосма Гыцба лахь иҭоуп.
Аамҭала Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аиҳабы инапынҵақәа рынагӡараз дҟаҵоуп амилициа аполковникеиҵбы Лоу Инал-иԥа.
Асабша, лаҵара 13 рзы амҩан иҟалаз амашәыр аҟны иҭахеит 25 шықәса инаркны 35 шықәсанӡа зхыҵуаз хәҩык ауааԥсыра. Амашьына арныҟәцаҩ аԥсҟы изаанымкылаӡакәан абетон аанда дасит.
Аԥсны
Хәҩык ауаа ҭахеит Гәдоуҭа араион иҟалаз амҩатә машәыр иахҟьаны