Урыстәыла

Деилкаахеит "Евровидение-2023" аҟны аиааира згаз

Евровидение аҟны Лорин лиааира раԥхьатәиӡам. 2012 шықәсазы иналыгӡаз ашәа Euphoria азы ацәцаштә микрафон лаухьан.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik. Жәларбжьаратәи амузыкатә еицлабра Евровидение-2023 аҟны аиааира лгеит ашвед шәаҳәаҩы Loreen (Лорин).
Апрофессионалтә жиурии ахәаԥшцәеи рыбжьыҭара аихшьаалақәа рыла Лорин иналыгӡаз ашәа Tattoo 583 балл аиуит.
Лара илиндаҭлоз афин шәаҳәаҩ Käärijän 526 балл иоуит. Ахԥатәи аҭыԥ лоуит Израильнтәи иҟаз ашәаҳәаҩ Ноа Кирель - уи 242 балл лоуит. Хәҩык аԥхьагылаҩцәа рыбжьара иҟоуп Италиеи Норвегиеи рашәаҳәаҩцәагьы.
2022 шықәсазы аицлабраҟны аԥхьахә ҭыԥ ааныркылеит украинатәи агәыԥ Kalush Orchestra. Сынтәа аицлабра ишаԥыз еиԥш Украина имҩаԥысран иҟан, аха ашәарҭадараз аӡбамҭа рыдкылан Ливерпуль (Британиа ду) амҩаԥгара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла "Евровидение" аҟынтәи иалыргеит
Украинатәи артист аицлабраҟны афбатәи аҭыԥ ааникылеит. Аицлабра Урыстәыла алахәӡамызт, 2022 шықәса жәабранмзазы Европатәи ателехәаԥшратә хеилак аӡбамҭала уи алахәхараз мап рыцәкын. Уи аҭакс "Первый канал", ВГТРК, арадиодом "Останкино" аиҿкаара иалҵит.