Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла "Евровидение" аҟынтәи иалыргеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРепетиция второго полуфинала конкурса Евровидение-2021
Репетиция второго полуфинала конкурса Евровидение-2021 - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Анапаҵаҩра
Европатәи ашәаҳәаратә еицлабра сынтәа имҩаԥгахоит италиатәи ақалақь Турин.
АҞӘА, жәабран 26 - Sputnik. Урыстәыла залахәхаӡом 2022 шықәсатәи "Евровидение" ҳәа аанацҳаит ахәаша Европатәи ателехәаԥшратә хеилак.
Иазгәаҭоуп, аӡбамҭа шрыдыркылаз "аицлабра "Евровидениа" аиҿкаара анапхгара рабжьгарала Европатәи ателехәаԥшратә хеилак аԥҟарақәа ҳасаб рзоуны.

Ашәаҳәаратә еицлабра Урыстәыла аламырхәра мзыс иамоу азгәаҭо аиҿкааҩцәа ирҳәеит, Украина иҟоу аҭагылазаашьа ргәы ишыцхо, урыстәылатәи ашәаҳәаҩ "Евровидение" ахьӡ ааха аиҭар ҟалоит хәа.

Аԥшьаша, Урыстәыла ахада Владимир Путин ателехәаԥшрала алаҳәара ҟаиҵеит Донбасс арратә аоперациа ҷыда ишалаго азы. "Аҭагылазаашьа хырԥашьа змам, заамҭа гатәым ахымҩаԥгашьа ҳаднаҵоит. Донбасс жәлар рреспубликақәа ацхыраараз Урыстәыла иаҳәеит ", - иҳәеит иара. Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит, иҟалар зылшо ашьакаҭәараз иахьатәи украина анапхгара ишырхароу.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аҟны ирҳәеит, аҭынч уааԥсыра ишрыламкьысуа атәы. Иазгәарҭеит, аруаа русура шеиԥдырҟьо, арратә инфраструктура, аҳаиртә хыхьчара хархәагақәа, арратә ҳаирбаӷәазақәа шракәу ааха зырҭо.
Ажәабжьқәа зегьы
0