Аԥсны

Гагра араион иахьаҵанакуа амҩаду хадаҟны ҩыџьара ахаҳә леит

Амҽыша ашьыжь Гагра араион иахьаҵанакуа ҩыџьара ареспубликатә мҩаду хада 15-тәии 20- тәи акилометра аҟны ахаҳә леит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Ахаҳә леин ареспубликатә мҩаду хада ианаҳалеит Гагра араион иахьаҵанакуа ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит Гагреи Гагра араиони ахьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.
Иҳәеит, ашьыжь асааҭ 6:30 рзеиԥш ареспубликатә мҩаду хада 15-тәи акилометра аҟны ацаҟьа шҿабгаз аҵла дуқәа аманы. Уи ахҟьа-ԥҟьақәа иаразнак иқәыргеит аҭыԥантәи амҩатә усбарҭа аусзуҩцәа.
Аамҭак анаҩс, аиқәырхаратә усбарҭахь адырра ҟалеит ареспубликатә мҩаду хада 20- тәи акилометра аҟны ахаҳә леит ҳәа. АҶА аусзуҩцәа амҩаду ианаҳалаз аҵлақәа ԥырҟеит. ААИ аусзуҩцәа ракәзар автомашьынақәа машәырда риасра еиҿыркааит. Акоммуналтә усбарҭа аусзуҩцәа сааҭк ала амҩаду дрыцқьеит. Ҩаԥхьа амашьынақәа рныҟәара хацыркыуп.
Бганба иажәақәа рыла, аӡәгьы машәыр имыхьӡеит, заанаҵтәи адыррақәа рыла аҵаҟьа аҿабгара амшцәгьақәа ирыхҟьеит.