Аԥсны

Ареспубликатә мҩаду хадаҟны даҽа ҵлак каҳаит

Аҵла каҳаит Гагра араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хада 23-тәи акилометр аҟны амҽыша асааҭ 13:30 рзеиԥш.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду хадаҟны иахьатәи амш иалагӡаны хынтәуп ацаҟьа ҿабганы амҩаду хада ианаҳлоижьҭеи. Абри атәы Sputnik иазеиҭарҳәеит Гагреи Гагра араиони ахьчаразы амцарцәара-аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа.
Аусбарҭаҿ ишырҳәаз ала, амҩаду хада 23-тәи акилометр аҟны аҵла анаҳалеит асааҭ 13:40 рзеиԥш.
Аҭыԥахь инеит аиқәырхаҩцәа амҩа арыцқьаразы. Иҟалаз ахҭыз азы адырра рыҭоуп аҭыԥантәи амилициа аусзуҩцәа.