АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи 78 шықәса аҵра аҳаҭыр азы Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаатит ифотосахьақәа рцәыргақәҵа.
"Раԥхьа инаргыланы иҭабуп ҳәа расҳәоит иахьатәи ацәыргақәҵа еиҿызкааз, аматериал еизызгаз – Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз актиор, ауаажәларратә усзуҩ, Владислав Арӡынба акраамҭа аус ицызуаз – Кьасоу Ҳагба, ашәҟәы "Аԥсны! Арӡынба! Ахақәиҭра" аредақтор Аслан Аҩӡба", - лҳәеит Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ацәыргақәҵахь инагоуп еицырдыруа афотосахьақәа реиԥш, ахатәы архивқәа рҿы иҵәахызгьы.
Ацәыргақәҵа аартра иалахәын Аԥсны раԥхьатәи ахада иԥшәмаԥҳәыс Светлана Џьергьениаԥҳа, Владислав Арӡынба аус ицызуаз аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҿар.
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иара убасгьы имҩаԥган "Аԥсны! Арӡынба! Ахақәиҭра" ашәҟәы аӡыргара. Ашәҟәаҿы еизгоуп 2004 – 2021 шықәсқәа рыҩнуҵҟа агазеҭ "Амш ҿыц" аҿы икьыԥхьыз аматериалқәа, Владислав Арӡынба авторс дызмаз атекстқәа, иинтервиуқәа, еиуеиԥшым акьыԥхьымҭақәа. Аизга шьақәгылоуп аԥсышәалеи урысшәалеи.
Ацәыргақәҵа аус ауеит лаҵара 20 рҟынӡа.