Аԥсны

Апрокуратура хадаҟны ирҳәеит "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан аилагарақәа рыҭҵаара изадхалаз

Аԥсны Апрокуратура хада атәыла ахада инапынҵала авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан афинанстә еилагарақәа ирызку аинформациа ахьынӡаиашоу ҭнаҵаауеит.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хада Урыстәыла акомпетенттә усбарҭақәа рахь инанашьҭит жәларбжьаратәи анапынҵа, авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргыларазы иаԥҵаз аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи рҵаҵӷәы ахәшьара арҭарц, азинтә цхыраара ҟарҵарц. Абри атәы еиҭеиҳәеит апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Руслан Ҭарба.

Иара иҳәеит атәыла ахада инапынҵала авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылараан афинанстә еилагарақәа ирызку аинформациа ахьынӡаиашоу шҭнаҵаауа, аха урыстәылатәи аган аҭак ада макьаназ алкаақәа рыҟаҵара шзалмаршахо, уи азы макьаназ аус шхыркәшам.

Апроект азы адокументқәеи аиқәшаҳаҭрақәеи еиҿыркаауан Урыстәыла аҵакыраҿы. Аԥснытәи аекспертцәа урыстәылатәи ахәқәа рыла алкаақәа рзыҟаҵом ҳәа иҳәеит Ҭарба.
Апроект ала адокументқәа Урыстәыла иреиҳау ачынуаа рнапы ахьрыҵырыҩуаз азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит.
Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Урыстәыла АШәМ, ААР, ахада Иусбарҭа рахь аматериалқәа шынашьҭу. Анаҩс урҭ рҭакқәа Апрокуратура хада Ашьаусҭҵааратә еилакы ахь инанашьҭуеит ахәшьаратә ҭҵаара амҩаԥгараз.