Аԥсны

Гагра рашәарамзазы ҭаацәала аԥсшьараз иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа жәаба рыбжьара иҟоуп

Урыстәылатәи асасааирҭақәеи ауадақәеи рҿы заанаҵ аҭыԥқәа аанызкыло амаҵзура Tvil.ru ишьақәнаргылеит 2023 шықәса рашәарамзазы ҭаацәала аԥсшьараз иаҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Гагра рашәарамзазы ҭаацәала аԥсшьараз иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа жәаба рыбжьара иалашәеит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Амаҵзура адыррақәа рыла актәи аҭыԥаҿ игылоуп Шәача 24%. Аҩбатәи - Анапа (15%), ахԥатәи - Санкт-Петербург(8%).
Рашәарамзазы ҭаацәала аԥсшьараз зегь реиҳа иалыркаауа ахырхарҭақәа

Ақалақь

Уахыктәи абжьаратә хәыԥса (мааҭ)

Аԥсшьара абжьаратә аамҭа

Шәача, Краснодартәи атәылаҿацә

4 453

жә-ҵхык (9)

Анапа, Краснодартәи атәылаҿацә

3072

жә-ҵхык (9)

Санкт-Петербург, Ленинградтәи аоблост

5881

хәаха (5)

Геленџьықь, Краснодартәи атәылаҿацә

4384

жә-ҵхык (9)

Еиск, Краснодартәи атәылаҿацә

3127

жә-ҵхык (9)

Кабардинка, Краснодартәи атәылаҿацә

4000

аа-ҵхы (8)

Гагра, Гагра араион

3921

аа-ҵхы (8)

Москва, Москватәи аобласт

4958

ԥшьаха (4)

Иалта, Ҟрым

5069

жә-ҵхык (9)

Феодосиа, Ҟрым

4044

аа-ҵхы (8)