Аԥсны

Кристина Озган "Аенергетиказ" азакәан ариашарақәа дрылацәажәеит

2021 шықәсазы ишьақәырӷәӷәан Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш fсоциалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкаара апрограмма, Аԥсны фымцамчла аиқәыршәара аишьаршәалараз азакәанԥҵара ашьаҭала.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аишьаршәалара апрограммеи амҩатә хсаалагеи иазгәарҭоит аенергетика аусхк аҟны анормативтә актқәа аус рыдулареи рышьақәырӷәӷәареи ҳәа лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара азеиԥш асоциалтәи аекономикатәи ҵакыра аиҿкаара апрограмма иазгәанаҭоит аенергетика аусхк аҟны азакәанԥҵара аиҭакрақәа, аҵаҵӷәы змоу атарифтә политика ахархәара, ахархәара зҭоу афымцамч аккомерциатә ҭаҩра асистема, афымцаҳатә инфраструктура аиӷьтәра", - лҳәеит лара.

Озган иазгәалҭеит, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аус шрыдулоу "Аенергетиказ" азакәан ариашарақәа. Арахь иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә хатәтәра еиқәырханы аҳәынҭқарра иаҵанамкуа ахыҵхырҭақәа рыла анашьҭратә ҳақәа раԥҵара иазырхоу аԥҟарақәа.
"Азакәан апроект иалнаршоит иахьазы иҟоу агха-ԥхақәа раԥыхра, аенергетика аусхк аҟны аҳәынҭқарра-ахатәы партниорра аҭагылазаашьақәа рҳәаақәҵара, анашьҭратә ҳақәа раԥҵаразы аҭагылазаашьақәа реиҿкаара. Ари анашьҭратә мчрақәа разымхараани иаку аоператор ацәаҳәа ҿыцқәа рыргыларазы алшарақәа имамзаара аани хра аманы иҟоуп", – лҳәеит аминистр.
Аԥсны
Апарламент "Афымцамчхараз" азакәан ариашарақәа аланагалеит
Кристина Озган иазгәалҭеит 2022 шықәса мшаԥымзазы аиҳабыра ишрыдыркылаз ақәҵара афымцамч ахархәара ахә ахшәааразы атариф ҿыцқәа ԥхынгәы 1 2021 шықәса инаркны ԥхынҷкәын 31 2026 шықәсанӡа.
"Ари ақәҵара адкылара иаԥхьанеиуан иахьатәи аамҭазы аенергетикатә нхамҩа ахәшьара аҭаразы аусурақәа, аныхрақәа рыԥхьаӡара, анхамҩа аиҭарҿыцразы ахәԥсақәа рыԥхьаӡара. Атариф шьақәыргылан афымцамч азы атариф аԥхьаӡаразы ишьақәырӷәӷәоу аметодологиа шьаҭас иҟаҵаны", - ҳәа лҳәеит лара.
Атариф ҿыцқәа рыла аԥареизакра макьана ишылаҟәугьы "Амшынеиқәафымцамч" ахашәала ҩынтә еизҳаит ҳәа азгәалҭеит Озган, илҳәеит атарифтә каҭа ишалнаршо асоциалтә тариф ахархәара.