АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Лаҵара 18 асааҭ 00:00 - 22:00 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит "Аӡыканал".
Аӡы анкылахоит амҩадуқәа Наӡаӡе, Ешба, Севернаиа, Дбар, Аргәын-Коношок, Ацҳа ҟаԥшь рыҟны имҩаԥысуа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Аӡы аанкылахоит: Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, авокзал иахьаҵанакуа, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи, аџьармыкьа, Алашарбага араион, Ҷанба имҩа, Турбаза, Кәыдрытәи амҩаду.