Аԥсны

Афонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо ааҩык рзы ортезқәа раахәаразы аԥареизгара хацнаркит

Афонд хылаԥшра знаҭо ааҩык рзы ортезқәа раахәара иаҭаххоит 307 340 мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акультура-гәыҳалалартә фонд "Ашана" хылаԥшра знаҭо, адаблачымазара змоу ааҩык ахәыҷқәа рзы ортезқәа раахәаразы аԥареизгара хацнаркит.
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы афонд арҭ ахәыҷқәа рреабилитациа ахы аланархәуан. Уи иалҵшәахеит дара рҭагылазаашьа аиӷьхара. Ермантәылатәи аҳақьым-аортопед Овсеп Даниелиан Аԥсны иҟазаараан дара ортезқәа ныҟәыргалароуп ҳәа иазишьеит.
"Ахәышәтәра уажәтәи ахәҭазы ихымԥадоуп ортрезқәа. Ереванынтәи иааз аҳақьым аҭыԥынҵақәа игеит. Урҭ инарықәыршәаны Ереван ортезқәа аздырхиоит. Ортезқәа еиҳаракгьы ирҭахуп аоперациа зхызгахьо. Ортезқәа аоперациа ашьҭахь иныҟәумгалар ашьапы еиҭаԥоит", - иҳәеит атравматолог-ортопед Георги Морохиа.
Ортезқәа иалдыршоит ахәыҷы дымшәо-дмырҳауа ишьапы дықәгылартә, еиҵартәуеит ихьаа. Дара хаҭала иҟаҵатәуп, дасу ишиқәшәо ала.
Афонд хылаԥшра знаҭо ааҩык рзы ортрезқәа раахәара иаҭаххоит 307 340 мааҭ.
Ацхыраара аҟаҵашьазы адыррақәа шәоур шәылшоит афонд "Ашана" аофициалтә саит аҟны.
Арадио
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа "Ашана" зыцхыраауа ортезқәа рыла реиқәыршәара иазкны