Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит

Урыстәылатәи аган адырра ҟанаҵеит ишазыхио аԥснытәи рколлегацәа ацхыраара рыҭара.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 18 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи агәабзиарахьчара аусхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура иалацәажәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Виктор Фисенкои. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аганқәа алацәажәеит иааиуа акурорттә сезон.
Фисенко хра амоуп ҳәа азиҳәеит аԥхынтәи асезон аан урыстәылатәи аҳақьымцәа-аинфекционистцәеи ахәыҷҳақьымцәеи рԥышәеимдаразы Аԥсныҟа раара.