"Аҵх амузеи аҟны" – жәларбжьаратәи культуратә акциоуп, уи раԥхьаӡакәны иаԥшьыргеит Франциа 1999 шықәсазы. Аԥсны ари акциа мҩаԥган 2015 шықәсазы Аҳәынҭқарратә музеи аԥшьгарала.
Итрадициатәу акциа "Аҵх амузеи аҟны" мҩаԥысит Аҟәа, уи иалахәын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи, Владислав Арӡынба ихьӡ зху Ахьӡ-аԥша амузеи, Дырмит Гәлиа илитературатә-мемориалтә музеи, Аԥсны Абанк амузеи.