Аԥсны

Аекспертцәа Аԥсны имҩаԥысыз атурагентцәа рзы актәи Атуристтә фестиваль ахәшьара арҭеит

Лаҵара 17 инаркны Аԥсны имҩаԥысуан атурагентцәа рзы актәи атуристтә фестиваль "INTOURIST TRAVEL FEST".
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Атурагентцәа рзы актәи Атуристтә фестиваль мҩаԥысит иманшәаланы, аусмҩаԥгатә ахықәкы нагӡоуп. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит атуристтә еилахәыра аҩнуҵҟатәи атуризм адепартамент аиҳабы Сергеи Стребков.
"Иааҳгаз амаҵзурақәа, аҭираз ҳаилахәыра ахырхарҭақәа зегь рыҟны аԥхьагылаҩцәа роуп. Дара алшара рыман ареспублика иамоу аԥеипш ахәшьара аҭара. Ари ахықәкы нагӡоуп ҳәа сыԥхьаӡоит. Амаҵзурақәа Аԥсны ишрыдыркылаз ргәаԥхеит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит аԥсшьараз аҭыԥқәа рыҭира еизҳап ҳәа", - ҳәа азгәеиҭеит Стребков.
Убри аан Стребков инаҵшьны иҳәеит, иара игәаанагара ала атуристцәа Аԥснытәи асасааирҭақәа рзы адыррақәа еизырҳатәуп, рымаҵура ахаҭабзиара шьҭыхтәуп.
Аԥсны атуризм аминистрра акурорт-туристтә индустриа азԥхьагәаҭареи аҿиареи ранализ аҟәша аспециалист хада Ҭарашь Хәытаба игәаанагарала, ҳтәыла атуристцәа рацәаҩны иаднаԥхьаларц азы, хымԥада аинфраструктура еизырҳатәуп.
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Хәытаба атурагентцәа рзы Аԥсны еиҿкаау афестиваль иазкны
"Атуристцәа рацәаҩны иаарцаз, раԥхьа иргыланы асервис шьҭыхтәуп, аинфраструктура еизырҳатәуп. Аԥсшьарҭа ҭыԥқәа рыҩаӡара арҳаракра ҳалшар, хымԥада знык иааз аԥсшьаҩы аԥхьаҟагь аара игәаԥхо дҟалоит. Уи иҩызцәагь арахь иадиԥхьалар ҟалоит", - иҳәеит Хәытаба.
Аԥсны имҩаԥысит Атурагентцәа рзы актәи атуристтә фестиваль. Уи иалахәын 200 инареиҳаны атуриндустриа ахаҭарнакцәа.