Аԥсны

Аԥсны атәылауаа имаӡаны, хәыда-ԥсада ВИЧ, агепатитқәа В, С рзы агәаҭара иахысыр рылшоит

Амедицинатә гәаҭарақәа мҩаԥыргоит Ареспубликатә ацәеижь-венерологиатә диспансери Аҟәатәи СПИД центри.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны атәылауаа имаӡаны, хәыда-ԥсада ВИЧ, агепатитқәа В, С рзы агәаҭара иахысыр рылшоит лаҵара 22 рзы, ВИЧ/СПИД иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз Жәларбжьаратәи ргәалашәаратә амш аҽны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
Акциа мҩаԥыргоит хәыда-ԥсада, имырзакәа.

Амобилтә лабораториа аус аулоит асааҭ 10:00 инаркны 14:00-нӡа Ареспубликатә хәшәтәырҭа ашҭаҟны.

Ажьырныҳәамзазы Агәабзиарахьчара аминистрра 1,472 миллион мааҭ иаԥсоу алабораториатә амаруга ҿыц аахәаны аинфекциатә чымазарақәеи СПИД аԥырҟәҟәаареи рзы Ареспубликатә центр ианаҭеит.⠀
Амаруга ҿыц иабзоураны акыр хаҭабзиарала ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара алшоит.