Аԥсны

РУСДРАМ аҟны аспектакль "Роман с кокаином" ықәдыргылоит

РУСДРАМ аспектакль ҿыц "Роман с кокаином" аԥхьарбара азгәаҭоуп ԥхынӷәымзазы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 20 – Sputnik. РУСДРАМ аурыс литература XX ашәышықәса алагамҭазтәи аҩымҭала "Роман с кокаином" аспектакль ықәнаргылоит.
Аспектакль ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирылагахьеит, аԥхьарбара азгәаҭоуп ԥхынгәымзазы.

Аспектакль ақәыргылараз даарԥхьеит акырынтә зусумҭақәа "Золотая маска" апремиа аиураз иназышьҭхьоу, "Золотой софит" аҳамҭа ҷыда занаршьахьоу, арежиссиор Роман Кочержевски.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп Емиль Петров, Екатерина Барышева, Мадлена Барцыц, Милана Ломиа, Лоида Ҭырқьба, Осман Абыхәба, Кирилл Шишкин, Саид Лазба, Рубен Депелиан, Руслан Жьиба.