Арадио

Чкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам

Лыхны ақыҭа анхаҩы Руслан Чкотуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амхылаҵара иҽшазыҟаиҵо атәы, уи феидас иалоу атәы.
Sputnik
Адгьыл аԥхарра аҵаӡам азы иахьа уажәраанӡа амхқәа лауҵартә иҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа аиҿцәажәараҿы.
"Ақәа илеиуа аԥырхагаӡамызт амхқәа рылаҵаразы, 20 градус еиҵымызҭгьы аҳауа аԥхарра. Аамҭа аҽеиҭанакит акыр. Аџьыкәреи лаҵара ишԥақьарым? Уи арыц мацаразы акәӡам изаҭаху. Аџьықәреи акәты иауҭар, акәҭаӷь уоуеит. Арахә акраҿаҵатәуп. Уи - шәуп, уи - кәацуп. Ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам", - ҳәа азгәеиҭеит анхаҩы.
Гектарк азы 5 нызқь мааҭ ишәеит ҳәа анхаҩы - уи уадаҩӡам, аха алаҵара мацара азхаӡом, иурашәароуп иҳәеит Чкотуа.
"Гектарк аҿы илауҵаз аџьықәреи иуоуа укәтгьы иафоит, уаргьы узхара ааурыхуеит. Гектарк аҟны шә-калаҭк аџьықәреи ҭугоит. Ҵыԥх аарҩарагьы рацәан, аха макьана аџьықәреи аасымхәацт, иаасрыхыз ауп ҳҭаҳцәеи сареи иаҳфо", – иҳәеит Чкотуа.
Чкотуа иара убасгьы далацәажәеит анхаҩы иааирыхуа иҭииртә еиԥш дзырманшәалаша атәы, насгьы аҳауа аҽеиҭакра анхаҩы изцәырнаго ауадаҩарақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.