https://sputnik-abkhazia.info/20230521/chkotua-amkha-rylaarazy-akhsh-iagany-iaaukhoi-uara-iaaurykhuei-eisham--1045862309.html
Чкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам
Чкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам
Sputnik Аҧсны
Лыхны ақыҭа анхаҩы Руслан Чкотуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амхылаҵара иҽшазыҟаиҵо атәы, уи феидас иалоу атәы. 21.05.2023, Sputnik Аҧсны
2023-05-21T12:00+0300
2023-05-21T12:00+0300
2023-05-21T12:00+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045862144_0:118:958:657_1920x0_80_0_0_4582a6396fb06e6419664d3bf80f518a.jpg
Ҷкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иагану иааихәоу уара иааурыхуеи еиԥшӡам
Sputnik Аҧсны
Ҷкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иагану иааихәоу уара иааурыхуеи еиԥшӡам
Адгьыл аԥхарра аҵаӡам азы иахьа уажәраанӡа амхқәа лауҵартә иҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа аиҿцәажәараҿы."Ақәа илеиуа аԥырхагаӡамызт амхқәа рылаҵаразы, 20 градус еиҵымызҭгьы аҳауа аԥхарра. Аамҭа аҽеиҭанакит акыр. Аџьыкәреи лаҵара ишԥақьарым? Уи арыц мацаразы акәӡам изаҭаху. Аџьықәреи акәты иауҭар, акәҭаӷь уоуеит. Арахә акраҿаҵатәуп. Уи - шәуп, уи - кәацуп. Ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам", - ҳәа азгәеиҭеит анхаҩы.Гектарк азы 5 нызқь мааҭ ишәеит ҳәа анхаҩы - уи уадаҩӡам, аха алаҵара мацара азхаӡом, иурашәароуп иҳәеит Чкотуа."Гектарк аҿы илауҵаз аџьықәреи иуоуа укәтгьы иафоит, уаргьы узхара ааурыхуеит. Гектарк аҟны шә-калаҭк аџьықәреи ҭугоит. Ҵыԥх аарҩарагьы рацәан, аха макьана аџьықәреи аасымхәацт, иаасрыхыз ауп ҳҭаҳцәеи сареи иаҳфо", – иҳәеит Чкотуа.Чкотуа иара убасгьы далацәажәеит анхаҩы иааирыхуа иҭииртә еиԥш дзырманшәалаша атәы, насгьы аҳауа аҽеиҭакра анхаҩы изцәырнаго ауадаҩарақәа ртәы.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/05/11/1045862144_0:28:958:747_1920x0_80_0_0_9c10ba8e45eaf9e381ef8e80fd5630e1.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Чкотуа амхқәа рылаҵаразы: ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам
Лыхны ақыҭа анхаҩы Руслан Чкотуа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит амхылаҵара иҽшазыҟаиҵо атәы, уи феидас иалоу атәы.
Адгьыл аԥхарра аҵаӡам азы иахьа уажәраанӡа амхқәа лауҵартә иҟамызт ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа аиҿцәажәараҿы.
"Ақәа илеиуа аԥырхагаӡамызт амхқәа рылаҵаразы, 20 градус еиҵымызҭгьы аҳауа аԥхарра. Аамҭа аҽеиҭанакит акыр. Аџьыкәреи лаҵара ишԥақьарым? Уи арыц мацаразы акәӡам изаҭаху. Аџьықәреи акәты иауҭар, акәҭаӷь уоуеит. Арахә акраҿаҵатәуп. Уи - шәуп, уи - кәацуп. Ахәшә иаганы иааухәои уара иааурыхуеи еиԥшӡам", - ҳәа азгәеиҭеит анхаҩы.
Гектарк азы 5 нызқь мааҭ ишәеит ҳәа анхаҩы - уи уадаҩӡам, аха алаҵара мацара азхаӡом, иурашәароуп иҳәеит Чкотуа.
"Гектарк аҿы илауҵаз аџьықәреи иуоуа укәтгьы иафоит, уаргьы узхара ааурыхуеит. Гектарк аҟны шә-калаҭк аџьықәреи ҭугоит. Ҵыԥх аарҩарагьы рацәан, аха макьана аџьықәреи аасымхәацт, иаасрыхыз ауп ҳҭаҳцәеи сареи иаҳфо", – иҳәеит Чкотуа.
Чкотуа иара убасгьы далацәажәеит анхаҩы иааирыхуа иҭииртә еиԥш дзырманшәалаша атәы, насгьы аҳауа аҽеиҭакра анхаҩы изцәырнаго ауадаҩарақәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.