Аԥсны

Аҟәа агәаны ауаҩшьра ҟалеит

Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 – Spuitnik. Аҟәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи рымҩеихдаҿы ауаҩшьра ҟалеит.
Иофициалым ахыҵхырҭақәа рыла даҽаӡәы дхәуп.
Ауаҩшьра ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба зхадараҿы дыҟоу амилициа аусзуцәа аус руеит. Аҟалақь агәаны амашьынақәа рныҟәара уадаҩуп, амҩадуқәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи аркуп.