Аԥсны

Апрокуратура хада аҟны ирҳәеит Аҟәа иҟалаз ауаҩшьра атәы

Ауаҩшьра ҟалеит Аҟәа ақалақь агәаны амҩадуқәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи аихҵәарсҭаҿ асааҭ 14:10 рзеиԥш аҩаша, рашәара 23 рзы.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 – Spuitnik. Аҟәа агәаны иҟалаз ахысра иахҟьаны дҭахеит 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
Уи адагьы, аусбарҭа иаанацҳауеит ԥшьҩыуаа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ахәшәтәырҭахь ишнаргаз, урҭ рыбжьара дшыҟоу 14 шықәса зхыҵуа .
Аҟәа ақалақьтә прокуратура Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 99-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа, 217-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа рыла ашьаус хацнаркит.
Аусҭҵаара цоит, аҟазацәа ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит иҟалаз ацәгьоура зхароу аилкааразы.