Аԥсны

Аԥсны иазгәарҭеит аславиан ҩыреи акультуреи амш

Аусмҩаԥгатә азкын лаҵара 24 рзы иазгәарҭо аславиан нбаншәҟәы аԥҵаҩцәа Кирилли Мифодиеи ргәалашәара амш.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 23 - Sputnik. Аҟәа акультура-усутә цетр "Москва аҩны" аҟны имҩаԥысит Аславиан ҩыреи акультуреи амш иазкыз аусмҩаԥгатәқәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра апресс-маҵзура.
"Ҳара иахьа иаҳгәалаҳаршәоит ацқьацәа Кирилли Мифодиеи, избанзар дара ракәымзар раԥхьатәи аславиан ажәагь, аграмматикагь ҟалаӡомызт, ус анакәха изыҟаломызт аславиан ҩырагь, акультурагь", - ҳәа азгәалҭеит аусбарҭа ахаҭарнак Наталиа Каиун.
Аҟәатәи 2-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәа, Кирилли Мифодиеи аславиан культура ашьақәгылареи аславиан ҩыра хыҵхырҭас иаиуз анбанқәа шеиқәдыршәази иазкны атеатралтә қәгылара ддырбеит еизаз.
Анаҩс, аҟәатәи 14-тәи абжьаратә школ агәыԥи дареи рыбжьара "Ажәа заҵәык ауп аԥсҭазаара занашьоу..." захьӡыз аиндаҭлара мҩаԥыргеит, ашколхәыҷқәа аҭоурых иазкны азҵаарақәа рҭакқәа ҟарҵон. Аицлабра зҿлымҳарыла иахәаԥшуан аҭаацәеи ашколхәыҷқәа рҩызцәеи.
Аихшьаалақәа рыла еицлабуаз еиҭахеит. Иалахәыз ахәыҷқәа зегьы агәаларшәаратә ҳамҭақәеи адипломқәеи рыҭан.
Аԥсны
Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аԥхьаҩцәа реицлабра "Зыԥсы ҭоу аклассика" афинал ахь инеит