Аԥсны

Ацҳаражәҳәаҩ, агәаҟраԥсра здызкылаз: Симон Канатәи игәалашәара иазкны

Лаҵарамза 23 рзы Аԥсны аиашахаҵаратә дин ныҟәызго дыргәаладыршәоит Ацқьа ацҳаражәҳәаҩ Симон Канатәи.
Sputnik
Аԥшьаҩырақәа ишырҳәо ала, I ашәышықәса азбжазы Аԥсныҟа иааит ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аԥхьанаԥхьаҩи Симон Канатәии. Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ Кавказ Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа аиашахаҵаратә дин рыларҵәаразы ддәықәлеит, Симон Канатәи иакәзар, Ԥсырӡха даангылеит.
Ԥсырӡха аӡиас аԥсҭаҿы ацҳаражәҳәаҩ агәаҟраԥсра идикылеит. Аҳәамҭа ала, Симон даныршь ашьҭахь, иҳаԥы азааигәара I ашәышықәсазы иԥшьоу аӡыхь зҩыда ахы ыҵнахит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҵхәраа иааиуеит. Иара анышә дахьамадоу аҭыԥ аҿы IV ашәышықәсазы ихьӡала ауахәама дыргылеит.