Аԥсны

Аҟәа агәаны иҟалаз ауаҩшьразы Азербаиџьан атәылауаҩ иԥшаара рылаҳәоуп

Лаҵара 23 рзы Аҟәа агәаны иҟалаз ахысра иахҟьаны дҭахеит 21 шықәса зхыҵуаз Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын.
Sputnik
АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Азербаиџьан атәылауаҩ Ниџьаҭ Дадашов Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дишьит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны иԥшаара рылаҳәоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Азинхьчаратә усбарҭаҟны изышьҭоу ахаҵа идырга ҷыдақәа рыларҳәеит- иоура 180 см, иеиҿыртәышьа ӷәӷәоуп, ихцәы ҵырффоуп, иԥаҵа амхәуп, аха ажакьа иҿоуп.
Аԥсны ААР Дадашов изы адырра змоу зегь рахь ааԥхьара ҟарҵоит:
Аҷаԥшьаратә ҟәшахьы абарҭ аҭелқәа +7 (840) 226-41-41; +7 (840) 229-74-24 рыла иасырц;
Telegram/WhatsAp +7 (940) 920-20-95 ахь ирҩырц рылшоит,
02 (002 амобилтә еимадаразы) иасыр,
Аԥсны ААР апошьҭахь admin@mvdra.org ахь ирҩыр.
Ҭырқәтәыла атәылауҩ Аҳмеҭ Аидын дшьын Аҟәа ақалақь агәаны амҩадуқәа Арӡынбеи Аинрал Аршбеи аихҵәарсҭаҿ асааҭ 14:10 рзеиԥш аҩаша, рашәара 23 рзы. Иара убас ԥшьҩыуаа еиуеиԥшым ахәрақәа рыманы ахәшәтәырҭахь ишнаргаз, урҭ рыбжьара дшыҟоу 14 шықәса зхыҵуа ақәыԥш.
Аҟәа ақалақьтә прокуратура Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла 99-тәи ахәҭаҷ 2-тәи ахәҭа, 217-тәи ахәҭаҷ 1-тәи ахәҭа рыла ашьаус хацнаркит.