АҞӘА, лаҵара 24 – Sputnik. Асахьаҭыхҩы Аԥшьа Ҳагԥҳа хаҭалатәи лцәыргақәҵа "Уахынлатәи алакәқәеи ицәаԥшьу аҽи" аатит Аҟәа.
Ицәыргоуп аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны иҭыхыз 36 усумҭа.
"Сгәы иҵхәо сҳәарц сҽазысшәеит, издыруа амаругақәеи абызшәеи схы иархәаны. Уажәтәи аамҭазы гәыҵхас исымоу аарԥшуп. Ари хәыҷи-дуи еилыркаауа формоуп- ихадоу рызнагараҿы", - лҳәеит асахьаҭыхҩы.
Аԥшьа Ҳагԥҳа агәыӷра аалырԥшуеит лсахьақәа ирыхәыԥшыз "иархәыцып", уи алагьы лара илҳәарц илҭыхыз рызналгеит ҳәа.
Асахьақәа атуш ала иҭыхәуп.